"Аџьархьыӡрацаҩцәа" аболгарцәа ирҿагыланы – Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы
"Аџьархьыӡрацаҩцәа" аболгарцәа ирҿагыланы – Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

Иахьа, рашәара 5 рзы, Қырҭтәыла аизга,  Амилаҭқәа рлига аҩбатәи атур аҿы, Разград ақалақь аҿы Болгариа аизга ирҧылоит.

Арҭ акомандақәа раҧхьаӡа акәны еиҧылеит  18 шықәса раҧхьа. Ари аамҭа иалагаӡаны ф-матчк мҩаҧыргеит, аха,  «Аџьархьыӡрацәаҩцәа» знызаҵәык ауп аиааира аныргаз.

Вилли Саниоли  икоманда  Разрад аҿы аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵара мҩаҧыргеит.

Қырҭтәыла аизга ари атурнир иалагеит Гибралтар аҟны аиааирала.  Иахьатәи аматч аҿы аболгарцәа аиааира мацара иазықәҧоит.

Астадион  «Лудогорец Арена» аҽы аматч иалагоит қарҭтәи аамҭала  асааҭ  22:45 рзы. Ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы.