Аџьар Ҟаԥшь - Газа асектор аҿы аҭагылазаашьа агуманитартә катастрофа иазааигәахоит
Аџьар Ҟаԥшь - Газа асектор аҿы аҭагылазаашьа агуманитартә катастрофа иазааигәахоит

Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи акомитет аинформациала, Газа асектор аҿы аҭагылазаашьа агуманитартә катастрофа азааигәахоит.

Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи акомитет “Газа иҟоу аҭынч тәылауаа рыхьчарц” ааԥхьара ҟанаҵоит.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, аидысларақәа атәылахьчаратә мчқәеи “Ҳамаси” рыбжьара аиланхарҭақәа рҿи ахәшәтәырҭақәа рааигәараеи мҩаԥысуеит.

„Ҳҿаԥхьа зычҳара цәгьоу ауаҩытәыҩсатә трагедиа нагӡоит”, – иануп аҳәамҭаҿы.

Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи акомитет аинформациала, араион ашҟа аарышьҭуа агуманитартә цхыраара иазхом, ауааԥсыраафатәи, аӡи, агигиеназы иаҭаху амаҭәарқәеи рымам.