Аџьаҧҳаны мҩанызгоз  украинатәи аидаратә ҳаирплан Бырзентәыла икаҳаит
Аџьаҧҳаны мҩанызгоз  украинатәи аидаратә ҳаирплан Бырзентәыла икаҳаит

Аџьаҧҳаны мҩанызгоз  украинатәи аидаратә ҳаирплан Бырзентәыла икаҳаит. АИХ адыррақәа рыла,  Сербиантә Иорданиаҟа иҧыруаз аҳаирплан бырызентәылатәи ақалақь Кавала ааигәара икаҳаит.

Арыцҳаа ҟалаанӡа,  Бырзентәыла Атәылауаҩратә авиациа амаҵзура      адырра аиуит аҳаирплан арныҟәагак шыҧхасҭахаз азы. Ан-12  аекипаж Кавала аҳаирбаҕәазаҿы атәара рыдаргалеит, убри анеҩс аимадара рцәыӡит.  Аҳаирплан каҳаит Кавала ақалақь  40 ккилометр иацәыхараны.  Аҭыҧаҿы абылра цәгьа ҟалеит.

АИХ адыррала,  аҳаирплан аҿы иҟан жәаҩык апассаџьырцәеи,  12 тонна ишәарҭоу аидареи. АИХ аинформациа инақәыршәаны,  ари аҳаирплан аилахәыра  «Меридиан» иатәуп. Зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра ЕАРи НАТОи активла аус рыцнауеит ирласны еиуеиҧшым аидара амҩангаразы.