АИХқәа рдыррақәа рыла, Германтәыла аиҳабыра, амиграциа апроблема иадҳәаланы, Қырҭтәылеи даҽа 5 ҳәынҭқарраки рҟны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ргәы иҭоуп
АИХқәа рдыррақәа рыла, Германтәыла аиҳабыра, амиграциа апроблема иадҳәаланы, Қырҭтәылеи даҽа 5 ҳәынҭқарраки рҟны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ргәы иҭоуп

Германтәыла аиҳабыра, азакәандаратә миграциа апроблема иадҳәаланы, Қырҭтәылеи даҽа 5 ҳәынҭқарраки рҟны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ргәы иҭоуп

Ари атәы аанацҳаит  «Deutsche Welle».

Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ишиҳәаз ала, араҟа амиграциатә партниорра иалацәажәоит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп азакәандаратә мигрантцәа Германтәылантә рыҧсадгьылахь ирласӡаны рырхынҳәра.

«Deutsche Welle» ишану ала,  Қырҭтәыла инаваргыланы, абри аҩызаҵәҟьа аиқәшаҳаҭра рыдыркылоит  Молдовеи,  Кениеи, Колумбиеи, Узбекистани,  Киргизиеи рҟны.

Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ишиҳәаз ала, аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра абзоурала, азакәандаратә мигрантцәа маҷхароуп, иара убас, Германтәылаҟа азакәантә миграциазы алшара ҿыцқәа аҧҵазароуп.

«Deutsche Welle» аинформациа ишану ала, ари азҵааразы Қырҭтәылеи Молдовеи рҟны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵакы ҷыда амоуп, избанзар,  Гемнатәыла ахыҵакырҭазы мап зцәыркыз ауааҧсыра рҟынтә  10 наӡына Қырҭтәылеи Молдовеи ртәылауаа роуп.