Аихамҩатә цыҧҵәаха Дидубе-Авҷала аҿы иҟалаз ахҭыс амшала, апассаџьыртә реис Қарҭ-Баҭым иаҧыхын
Аихамҩатә цыҧҵәаха Дидубе-Авҷала аҿы иҟалаз ахҭыс амшала, апассаџьыртә реис Қарҭ-Баҭым иаҧыхын. Зыӡбахәы ҳәоу амашәыраан иҭахеит аихамҩа ҩыџьа аусзуҩцәа.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аихамҩа апресс-маҵзура.
«Ҳаҭыр зқәу апассаџьырцәа. Аихамҩатә цыҧҵәаха Дидубе-Авҷала аҿы иҟалаз ахҭыс амшала, цәыббра 3 рзы имҩаҧысраны иҟаз апассаџьыртә реис Қарҭ-Баҭым иаҧыхуп. Апассаџьырцәа зегьы рбилетқәа рыхәҧса рыздырхынҳәуеит. Қырҭтәыла аихамҩа ари афакт азы аҭамзаара шьҭанаҵоит», — иануп адырраҿы.