Аихамҩатә цәаҳәа Бақәа-Қарҭ ала раҧхьатәи апассаџьыртә реис мҩаҧган Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы 
Аихамҩатә цәаҳәа Бақәа-Қарҭ ала раҧхьатәи апассаџьыртә реис мҩаҧган Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы 

Фышықәсатәи ааҭгылара ашьҭахь, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы, аихамҩатә цәаҳәа Бақәа-Қарҭ ала раҧхьатәи апассаџьыртә реис мҩаҧган. Қарҭтәи аихамҩатә вокзал хадаҿы ари ареис иаҧылеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Иселиании Қырҭтәылатәи аихамҩа агенералтә директор Лаша Абашиӡеи. Ари аинформациа аланарҵәеит Аекономика аминистрра.

Аинформациа ишану ала, раҧхьатәи апассаџьырцәа дреиун Азербаиџьан аҧхьаӡацтә аҿиареи атранспорти рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Џьавид  Гурбанов.

Ҭамар Иоселиани лҳәамҭала, ҩ-тәылак рыбжьара апассаџьыртә аихамҩатә аимадара аиҭашьақәыргылара иазку аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Бақәа ивизитаан.

Амаршрут ҿыц ала ареисқәа есымша имҩаҧгахоит.