АИХ - Украинатәи арыц ала иҭәу актәи аӷба Одессатәи апорт аҟынтә амҩа иқәлеит
АИХ - Украинатәи арыц ала иҭәу актәи аӷба Одессатәи апорт аҟынтә амҩа иқәлеит

Украинатәи арыц ала иҭәу актәи аӷба Одессатәи апорт аҟынтә амҩа иқәлеит. Ари атәы аарыцҳаит ҭырқәтәылатәи аихқәа.

Уаанӡа аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла атәылахьчаратә усҳәарҭа анапхгаҩы Ҳулус Акар акоординациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылеи Украинеи, ЕАР-и рхаҭарнакҵәа рҟны аиҽцәажәара мҩаԥиган, актәи аӷба амҩақәҵара аамҭазы еиқәшаҳаҭхеит.

Украинатәи арыц аекспорт иазку аиқәшаҳаҭра ԥхынгәы 22 рзы анапы аҵаҩын.

Украинатәи арыц ала иҭәу аӷба Ҭырқәтәыланӡа инаӡоит нанҳәа 3 рзы.