Аих рдыррақәа рыла, Џьамтәыла Фордо агәыцәтә обиект аҿы уран арбеиара иалагеит
Аих рдыррақәа рыла, Џьамтәыла Фордо агәыцәтә обиект аҿы уран арбеиара иалагеит.
Ари атәы аанацҳаит “Роитер” Жәларбжьаратәи атомтә агентра ацклаԥшцәа рҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
Иҟоу агәаанагарала, абри еиԥш адырра аларҵәара Џьамтәылеи ЕАШ-и рыбжьара ишиашоу еилацәажәарақәа ирԥырхагахоит. Аих рдыррақәа рыла, аилацәажәарақәа ирылахәу аганқәаишәоит Џьамтәыла аилацәажәарақәа рпроцесс анырра агә иҭоуп ҳәа.
Жәларбжьаратәи атомтә агентра иҟанаҵаз аҳәамҭала, ирҿыцу ацентрифугақәа рыла Џьамтәыла ахықәкы ахьӡара иаҳа ирласны алшоит.