АИХ адыррақәа рыла, аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Украинантә аекспорт ашҟа идәықәҵан  1,5 миллион тонна арыц
АИХ адыррақәа рыла, аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Украинантә аекспорт ашҟа идәықәҵан  1,5 миллион тонна арыц

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Украинантә аекспорт ашҟа идәықәҵан  1,5 миллион тонна арыц. Ари атәы аанацҳаит агентра   «Reuters».

АИХ адыррақәа рыла, нанҳәа алагамҭа инаркны украинатәи абаҕәазақәа ирҭыҵит  61 аидаратә аҕбақәа, урҭ рыла аекспорт ашҟа идәықәҵан  1,5 миллион тонна арыц.

Агентра  «Reuters» ишаанацҳаз ала, иахьа украинатәи абаҕәазақәа ирҭыҵит  183 нызқь тонна ақыҭанхамҩатә аалыҵ мҩанызго даҽа 3 аҕбак.

Украина ақыҭанхамҩа аминистр иҳәамҭала, жьҭаара анҵәамҭанӡа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт азҳауеит  6-6,5 миллион тоннанӡа.