Аиустициа аминистрра  — Страсбургтә аӡбара  ахәшьара инақәыршәаны, аргама иҟаҵоу ихьымӡҕу,  аҳаҭыр аларҟәратә аҳәамҭақәа агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра аҳәаақәа ирҭыҵуеит
Аиустициа аминистрра  — Страсбургтә аӡбара  ахәшьара инақәыршәаны, аргама иҟаҵоу ихьымӡҕу,  аҳаҭыр аларҟәратә аҳәамҭақәа агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра аҳәаақәа ирҭыҵуеит

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара  «Милаӡе Қырҭтәыла даҿагыланы» аус азы Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра апозициа иақәшаҳаҭхан, ишьақәнарҕәҕәеит  аргама иҟаҵоу ахьымӡаргаратә аҳаҭыр аларҟәратә аҳәамҭақәа агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра аҳәаақәа ишырҭыҵуа.

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала,  ари аус    2022 шықәсазы  TikTok аплатформаҿ аларҵәара зауз авидеонҵамҭа иазкуп. Анҵамҭаҿы атәылауаҩратә активист  Иракли Милаӡе Қарҭ ахадеи Қарҭ ахадареи уи аусуҩцәеи,  аполицаицәеи ишакәым ала дрыхцәажәеит. Уи азыҳәан амилаҭтә аӡбарақәа азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аминималтә хараҧса –   500 лари ашәара иқәырҵеит.

«Европатәи аӡбара еицҿакны ишьақәнарҕәҕәеит ашшыҧхьыӡ алазҵаз ауаҩҧсы иҟаиҵаз аҳәамҭа ауаажәларратә интересқәа ирыдҳәалоу  аполитикатә критика ма агәаанагара аарҧшра шакәым. Аӡбара ахәшьара инақәырәшаны, ари аҳәамҭа аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа ахьымӡҕ рыргареи раҳаҭыр аларҟәреи иазкын.

Иара убас, Страсбургтәи аӡбара иаҵшьны иазгәанаҭеит аҭыҧантәи аӡбарақәа аполитикатә критикеи хаҭалатәи аҳаҭыр аларҟәреи рыбжьара ииашаны аҳәаа  шыҟарҵаз.

Иахьатәи ақәҵарала, Страсбургтәи аӡбара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит зҵакы дуу апринцип: агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра адемократиатә уаажәларра ахадаратә принципқәа иреиуп,  иџьбароу акритикагьы  иҟазар ауеит, аха, егьырҭ ауаа, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәагьы,  раҳаҭыр аларҟәреи ахьымӡҕ рыргареи ҟамлароуп.

Страсбургтәи аӡбара даҽазнык иаҵшьны иазгәанаҭеит аҳәынҭқарра, амаҵзураҭыҧ дуқәа аанызкыло ауааи аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи рыхьчара азин шамоу», — иануп аинформациаҿы.