Аиустициа аминистрра - Нанҳәатәи аибашьра иазкны Страсбург ирыдыркылаз аҭоурыхтә аӡбара инаваргыланы, Гаагатәи аӡбара ақәҵарагьы ақырҭуа аган риааироуп
«Нанҳәатәи аибашьра иазкны Страсбург ирыдыркылаз аҭоурыхтә аӡбара инаваргыланы, Гаагатәи аӡбара ақәҵарагьы ақырҭуа аган риааироуп. Ари ақәҵара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит нанҳәатәи еибашьрааан Қырҭәыла ауааҧсыра ирҿагыланы ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа шыҟаҵаз. Урыстәылатәи афедерациа ахаҭарнакцәеи асепартисттә режимқәеи арҭ ацәгьаурақәа рзы ахара рыдуп», — иануп Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҳәамҭаҿы.
«Апрокуратура Аофис ааҧхьара ҟанаҵеит закәандарала ауаа раанкылареи, гәымбылџьбарала рызныҟәареи, атҟәара ргареи, урыстәылатәи агрессиа аан ауаа мчыла рыхгареи зхароу ауааҧсыра рҭакразы аордер рнапы аҵарҩырц. Страсбургтәи аӡбарҭа еиҧшҵәҟьа, Гаагатәи аӡбарҭагьы иазханаҵеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала ишымпыҵахалоу.
Гаагатәи аӡбарҭа апрокурор иофис ақәҵара Қырҭтәыла аиҳабыра ицәырыргаз ашаҳаҭгақәа ирыбзоуроуп, Страсбургтәи аӡбарҭаҿ ақырҭуа аган рҭоурыхтә аиааира иахылҵит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Гаагатәи аӡбарҭа апрокурор хада Карим Хан Михаил Минӡаеви, Гамлет Гучмазови, Давиҭ Санакоеви 2008 шықәсазы иҟарҵаз ацәгьаурақәа рзы рҭакразы аордер даҳәоит.