Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа рыхҩыкгьы ирыдгылеит
Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа рыхҩыкгьы ирыдгылеит

Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа рыхҩыкгьы ирыдгылеит.

Гизо Убилавеи, Бадри Шониеи, Гоча Џьеиранашвилии ркандидатурақәа рзы абжьыҭира мҩаҧгахоит апленартә аилатәараҿы. Аиуристтә зҵаарақәа ркомитет аилатәараҿы ҧшь-сааҭк рыҩныҵҟа аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа ирзыӡырҩуан.

Акомитет ахантәаҩы  Анри Оханашвили ишиҳәаз ала, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ иҭыҧ ааникылоит анбан инақәыршәаны зегьы раҧхьа иалырхуа акандидат. Егьырҭ  акандидатцәа  Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рҭыҧқәа ааныркылоит аӡбарҭаҿы аҭыҧқәа ианҭацәлакь ашьҭахь.