Аиҿкаара "Ииашоу алхрақәа" ицәырнагеит алхраҧхьатәи аамҭа амониторинг иазку аҩбатәи абжьаратә аҳасабырба

«Ииашоу алхрақәеи адемократиеи жәларбжьаратәи ауаажәларра» (IDF) 2021 шықәса  нанҳәа  31 инаркны цәыббра 21-нӡа аанарҧшит аполитикатә дыргала амчылара  2 фактки ақәыҕәҕәареи ақәмақарреи 20 факти. Ари атәы иануп алхраҧхьатәи аамҭа амониторинг иазку аҩбатәи абжьаратә аҳасабырбаҿы.

Иара убас, аҳасабырба инақәыршәаны, аарҧшуп аполитикатә дыргала аусурантә ацара адцалара 4 фактк, 3 — административтә ресурс ахархәара, 5 — алхыҩцәа аҧарала рхыхра, 1 — амаҵзуратә хаҿы ила акампаниа амҩаҧгара, 12 —  азинмчы змам ауааҧсыра алхраҧхьатәи акампаниаҿы рылахәызаара, 5 фактк – аҵаратә усбарҭақәа рполитизациа. Аиҿкаараҿы ишырҳәаз ала,  иара убас,  аарҧшуп агитациатә материалқәа рыҧхасҭатәра афактқәагьы.