Аинрал-маиор Гьаргь  Матиашвили Америка адгьылтә мчқәа рштаб анапхгаҩы диҧылеит
Аинрал-маиор Гьаргь  Матиашвили Америка адгьылтә мчқәа рштаб анапхгаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза,  аинрал-маиор Гьаргьы  Матиашвили визитла Германәтыла дыҟоуп. Уаҟа иара Европатәи адгьылтә мчқәа аконференциа ихы алаирхәоит.

Авизит аҳаақәа ирҭагӡаны, аинрал-маиор Гьаргь  Матиашвили Америка адгьылтә мчқәа рштаб анапхгаҩы, аинрал  Џеимс МакКонвилл диҧылеит.  Иара убас, аиҧылара ихы алаирхәит Европеи Африкеи рҟны Америка адгьылтә мчқәа рҧыза ҿыц, аинрал Дерил Уилиамс.  Аганқәа рхаҭарнакцәа арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи, Украина имҩаҧысуа аибашьра арегион аҿы ашәарҭаразы иамоу анырреи, Урыстәылатәи афедерациа аганаҟынтә иҟоу ашәарҭарақәеи ирылацәажәеит.

Европатәи адгьылтә мчқәа есышықәсатәи аконференциа мҩаҧган Германтәыла ақалақь Гармиш иҟоу, Џьорџь Маршал ихьӡ зху   Ашәарҭадара аҭҵаара европатәи ацентр аҿы.  Ауснагӡатә иалахәын ҩажәеижәаба европатәи аҳәынҭқаррақәа рыдгьылтә арбџьармчқәеи ашәарҭадаратә мчқәеи рнапхгаҩцәа. Аконференциашҟа ааҧхьара роуит Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ахаҭарнакцәагьы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.