Аилахәыра "Maersk" ажәалагала ҟанаҵеит Китаинтә Қырҭтәыла иалганы Европаҟа аихамҩа-амшынтә аидарамҩангара ҿыц аиқәыршәаразы
Аилахәыра «Maersk» абжьаратә корридор аҿы аихамҩатә аидарамҩангара ҿыц иалагеит. Адәыҕба рыдыркылеит Ҧуҭтәи абаҕәазаҿы. Ари атәы аанацҳаит «IPM Terminal Poti».
Аинформациа ишану ала, «Maersk» аклиентцәа аихамҩа-амшынтә сервис ҿыц рыднагалоит, уи инақәыршәаны, адәыҕба Китаинтә Европаҟа инеиуеит 40 мшы рыла Казахстани, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи ирылсны.
A.P. Moller-Maersk ари амаршут аус адулара иалагеит хәажәкыразы. 2022 шықәса мшаҧы азы Китаинтә раҧхьатәи аҧышәаратә дәыҕба дәықәҵан.