Аиҳабыреи агәабзиарахьчара аекспертцәеи аҧкрақәа рырҧшқара ахылаҧшра апроцесс иалацәажәеит
Аиҳабыреи агәабзиарахьчара аекспертцәеи аҧкрақәа рырҧшқара ахылаҧшра апроцесс иалацәажәеит

Аҭышәынәталара адыргақәа иҟоуп, ҳара аҧкрақәа рырҧшқара ахылаҧшра апроцесс ҳалацәажәеит, — иҳәеит агәабзиарахьчара аексперт Акаки Зоиӡе Аҧыза-министри аекспертцәеи реиҧылара ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла, анеҩстәи амзазы зымҩаҧгара ҟало ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.

Икылкаау аҧкрақәа аплан инақәырәшаны, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2нӡа аҧкрақәак иаҧыхзаауеит. Атәыла зехьынџьара ахәаахәҭратә центрқәеи, аџьармыкьақәеи, ауаажәларратә транспорти аусура еиҭалагоит.

Ажьырныҳәа 3 инаркны 15нӡа аҧкрақәа еиҭашьақәдыргылоит.  Абанкқәеи астратегиатә ҵакы змоу аобиектқәеи рыда, егьырҭ аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи аусбарҭақәа зегьы  аусура иаҟәыҵуеит.