Аиҳабыра шьақәнарӷәӷәеит ирҿыцу аенергиа ааглыхра иазку 200 миллион америкатә доллар ахәԥса змоу апроектқәа
Аиҳабыра шьақәнарӷәӷәеит ирҿыцу аенергиа ааглыхра иазку 200 миллион америкатә доллар ахәԥса змоу апроектқәа

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 13 зҵаара ирыхәаҧшит. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Аиҳабыра атәылаҿ аенергетика еҵәа аҿиара адгылара азы, шьақәнарӷәӷәеит ирҿыцу аенергиа ааглыхра иазку 200 миллион америкатә доллар ахәԥса змоу апроектқәа. Апроектқәа ирыбзоураны атәыла аиуеит 150 мгвт.