Аиҳабыра рыӡбара ала, Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 1000 лари иаҟароу ацхыраара, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа 500 лари роуит
Аиҳабыра рыӡбара ала, Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 1000 лари иаҟароу ацхыраара, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа 500 лари роуит

Афашизм аҭархара амш инамаданы, Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 1000 лари иаҟароу ацхыраара роуеит, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа – 500 лари. Ари атәы аарыцҳаит Қарҭ ахадара апрессмаҵзура аҟынтә.

Қарҭ ахадара Агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи рмаҵзура “Аибашьра аветеранцәа рыцхыраара” апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қарҭ ахадара аҟынтә ацхыраара роуит Аҩбатәи адунеитә аибашьра 86-ҩык  аветеранцәа.

1000 лари иаҟароу ацхыраара роуит 47-ҩык аветеранцәа, 500 лари роуит аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа 39-ҩык рылахәылацәа.