Аиҭашьақәыргылареи аҿиареи европатәи абанк Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит 7%-нӡа
Аиҭашьақәыргылареи аҿиареи европатәи абанк 2025 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит 7%-нӡа. Аҳасабырба цәыргоуп абанк асаит аҿы.
Аҳасабырба инақәыршәаны, Мрагыларатә Европа арегионаҿ (Азербаиџьан, Шәамахьтәыла, Қырҭтәыла, Молдова, Украина) сынтәа зегьы реиҳа идуу аекономикатә азҳара — 7%-нӡа — Қырҭтәыла мацароуп иахьыҟало.
«EBRD ахатә программақәа ахьынанагӡо атәылақәа рҿы сынтәа аекономика азҳауеит 3,1%-ла. Азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, 2026 шықәсазы аекономикатә азҳара арбага 3,3% иаҟарахоит. Лондон иҟоу абанк аналитикцәа рҳәамҭала, арегион аекономика иақәыҕәҕәеит аглобалтә агеополитикатә аибарххареи, Китаи аган аҟынтә иазҳаз аконкуренциеи, афискалтә қәыҧшылара аҧкреи», — иануп аҳасабырбаҿы.