«Аиҭакракәа рзы акаолициа» алахәыла  Ҭаҭа Ҧераӡе лхы дақәиҭуп
 «Аиҭакракәа рзы акаолициа» алахәыла  Ҭаҭа Ҧераӡе лхы дақәиҭуп

«Аиҭакраәа рзы акаолициа» алахәыла  Ҭаҭа Ҧераӡе  лусӡбаратә процесс ихырҧоуп, лара доурыжьҭит. Ари атәы аалыцҳаит лдукат Ҭеона Зақареишвили.

Адукат лҳәамҭала, лаанкылара апротоколаҿ данаанкылаз аамҭа иарбам, уи исериозу аилагароуп.

«Ҭаҭа Ҧераӡе  лаанкылара апротоколаҿ данаанкылаз аамҭа иарбам, уи исериозу аилагароуп.  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, ашаҳаҭцәа иҟоуп, аха, уи акгьы аҵанакуам. Амҩа аркра иазку ахәҭаҷ ала аус анырыӡбо, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, ари ахәҭаҷла аҭакра иазҧхьагәаҭоуп…», — илҳәеит адукат.

Тата Ҧераӡе иахьа дааныркылеит Русҭавели имҩадуаҿ амҩа аркра ахарадҵарала.