Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура хаҭарнакцәа Гьаргь Бачиашвили дааныркылеит
Гьаргь Бачиашвили даанкылоуп, – иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аланарҵәаз аинформациа аҿы.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Бачиашвили Ацҳа ҟаԥшьи Садахлои рыбжьара иҟоу “аҳәаа иаҵәа” аҵакыраҿ дыҟан.
“2025 шықәса лаҵар 26 рзы аҭыԥ змаз анонимтә аацҳамҭала ишеилкаахаз ала, Ацҳа ҟаԥшьи Садахлои рыбжьара иҟоу “аҳәаа иаҵәа” аҵакыраҿ дыҟан ациркулиар ҟаԥшьла зыԥшаара иаҿу аҭакра зқәу, Қырҭтәылеи Урыстәылеи ртәылауаҩра змоу Гьаргь Бачиашвили.
Имҩаԥгаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан, Бачиашвили даанкылан”, – иануп аинформациа аҿы.
Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьаҭаркҩы Биӡина Иванишвили икриптовалиута аҕьычразы 11 шықәса аҭакра иқәырҵеит. Бачиашвили изы заанаҵтәи аҧкратә усмҩаҧгатә мҩаҧган, аха, дыбналаны Қырҭтәыла дықәҵит, убри аҟынтә, аҧкратә усмҩаҧгатә рыҧсахит. Зыӡбахәы ҳәоу аус 2017 шықәсатәи ахҭысқәа ирыдҳәалоуп. Бачиашвили аинвестор 8 986 биткоинқәа ицәиҕьычит, усҟантәи акурс ала арҭ абиткоинқәа 43 миллион адоллар аҟара иаҧсан. Убри адагьы, аинвестор иқәнагаз ахашәала ацынхәрас 536 900 адоллар мацара ииҭеит.