Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла  тәылауаҩк дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла тәылауаҩк дааныркылеит

Ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла даҽа тәылауаҩк дааныркылеит. Ари адырра аларҵәара аиуит Ергнеҭи имҩаҧысуа Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара иалагаанӡа.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзур Аналитикатә департамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Иракли Анҭаӡе ишааицҳаз, изакәаным аанкылара иазку адырра Ацентртә напхгара Евроеидгыла ацәаҳәа ҷыда ала аиуит.

Иҟоу адыррақәа рыла, де-факто арежим изакәанымкәа иҭакны ирымоуп бжьҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аналитикатә департамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Иракли Анҭаӡе ишааицҳаз, иахьатәи аиԥылараҿ аганқәа аҵыхәтәантәи ҩымз ирылагӡаны ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи иҳаҩсыз ашықәси реихшьаалақәа ҟарҵоит.

Иракли Анҭаӡе иажәақәа рыла, ҵыԥх ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ аҭыԥ рыман изакәаным абордеризациа 70 фактқәа.