Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчра ахаҭарнакцәа  импыҵахалоу ақыҭа Дисеви иазааигәаны закәандарала Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит  

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчра ахаҭарнакцәа  импыҵахалоу ақыҭа Дисеви иазааигәаны закәандарала Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит. Ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аинформациа анроуҵәҟьа, аусура алагеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  «ацәаҳәа ҷыда», уи аусура еиқәнаршәоит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

«Закәандарала ауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  рахь. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәразы ахархәара рымоуп уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы.  Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп ампыҵахалатә мчы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.