Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа Земо Арцеви ақыҭа аигәара закәандарала иааныркылаз аҭыԥантәи анхаҩцәа рхы иақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа Земо Арцеви ақыҭа аигәара закәандарала иааныркылаз аҭыԥантәи анхаҩцәа рхы иақәиҭуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, Урыстәылатәи ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа Земо Арцеви ақыҭа аигәара закәандарала иааныркылаз аҭыԥантәи анхаҩцәа рхы иақәиҭуп, урҭ ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп.

„Закәандарала ауаа раанкылара иазкны адырра анҳауҵәҟьа, зыҧшра ҟамҵакәа,  „ацәаҳәа ҷыда“ аус аҳаруит, ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәит.  Женеватәи жәларбжьартәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи  ари аинформациа роуит. Зыӡбахә ҳәоу апроцесс иалахәын Қырҭтәыла иҟоу  Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиа (EUMM)“, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.