Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахаларатә режим иааннакылаз Леван Петриашвили ихы дақәиҭуп
Урыстәылатәи ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа изакәанымкәа иааныркылаз Леван Петриашвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп.
Ари аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭада амаҵзура аҟынтәи.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, Леван Петриашвили иаанкылара иазкны аимадара рыбжьан ацәаҳәа ҷыда ала.
«Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала иаанкылара иазку аинформациа анҳауҵәҟьа, зыҧшра ҟамҵакәа, “Ацәаҳәа ҷыда” аус аҳаруит, Қырҭтәыла ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәит, урҭ рыбжьара Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм (IPRM), Жәларбжьаратәи апартниорцәеи Женеватәи адискусииақәа реицхантәаҩцәеи зыҧшра ҟамҵакәа адырра раҳҭеит.
Закәандарала иаанкылоу ахақәа зегьы ирласӡаны рхақәиҭтәразы аусзура наҳагӡоит, амеханизмқәа зегьы ахархәара рыҭоуп», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.