Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Карели амуниципалитет аҵакыраҿ закәандарала Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа иааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Карели амуниципалитет аҵакыраҿ закәандарала Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа иааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Карели амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭа Кнолеви аҵакыраҿ закәандарала Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа иааныркылеит.

«Зыӡбхәы ҳәоу аинцидент иазкны ианеилаҳкааҵәҟьа, «ацәаҳәа ҷыда» аусура иалагеит, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи  адырра раҳҭеит.

Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы  амеханизмқәа зегьы аус аҳаруит. Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ  адеструктивтә ауранагӡаразы аҭак рыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.