Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Украина иҟоу Қырҭтәыла ҧасатәи анапхгара ҧасатәи ачынуаа еиҿыркааз, аҧара ззоурышьҭыз ацәгьауратә ауранагӡаразы аусеилыргара мҩаҧысуеит, Биӡина Иванишвили ишьра аҽазышәара афакт азгьы
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Украина иҟоу Қырҭтәыла ҧасатәи анапхгара ҧасатәи ачынуаа еиҿыркааз, аҧара ззоурышьҭыз ацәгьауратә ауранагӡаразы аусеилыргара мҩаҧысуеит, Биӡина Иванишвили ишьра аҽазышәара афакт азгьы

Украина иҟоу Қырҭтәыла ҧасатәи анапхгара ҧасатәи ачынуаа еиҿыркааз, аҧара ззоурышьҭыз ацәгьауратә ауранагӡаразы аусеилыргара мҩаҧысуеит, Биӡина Иванишвили ишьра аҽазышәара афакт азгьы, – иануп Қырҭтәыла Ашәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.

„Ауаажәларратә азҿлымҳара ду иазҧхьагәаҭаны,  ажәлар идҳардырыр ҳҭахуп Аҳәынҭқарратә  шәарҭадара амаҵзураҿы аусеилыргара шымҩаҧысуа атеррористтә акт аиҿкаареи аҳәынҭқарра анапхгара рыхҳәаразы ачарҳәареи афакт азы,  ари ацәгьаура иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  18-323-ахәҭаҷ актәи ахәҭеи  315-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭеи рыла.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы аусеилыргара мҩаҧысуеит Украина иҟоу, Қырҭтәыла анапхгара ҧасатәи ачынуааи амчтә структурақәа ҧасатәи аусзуҩцәеи Қырҭтәыла амҩаҧгаразы еиҿыркаауаз,  аҧара ззоурышьҭыз ацәгьауратә ауранагӡаразы,  апартиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили ишьра азаҽышәара афакт азгьы.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьаурақәа хықәкыс ирымоуп атәылаҿы аилаҩынтәра аиҿкаареи,  атәыла анапхгара рыҧсыҽхара анеҩс адеструктивтә мчқәа рыла,  амч ахархәарала,   атәыла аиҳабыра  рыхҳәареи.

Ашьауҕатә ус азы активла аусеилыргареи аоператив-аҧшааратә уснагӡатәқәеи  мҩаҧысуеит“, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.