Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Импыҵахалоу Цхинвал закәандарала иаанкылоу Мамука Чхикваӡе 5 шықәсеи фымзи закәандарала аҭакра иқәырҵеит
«Импыҵахалоу Цхинвал закәандарала иаанкылоу Мамука Чхикваӡе 5 шықәсеи фымзи закәандарала аҭакра иқәырҵеит», — аанацҳаит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.
«Мамуки Чхикваӡе закәандарала иаанкылареи иҭакреи афакт даҽазнык аанарҧшуеит ампыҵахалара агәымбылџьбаратә, ацәгьауратә ҟазшьа шамоу, уи азы аҭакҧхықәра наӡа адуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирхылаҧшуа Урыстәылатәи афедерациа.
Мамука Чхикваӡе данааныркылаҵәҟьа еиҧҟьарада аус ауеит «Ацәаҳәа ҷыда». Ари азҵаара активла иалацәажәоит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми аиҧыларақәа раан. Ацентртә напхгара, рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхархәарала, ирылшо зегьы ҟарҵоит Мамука Чхикваӡеи закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла егьырҭ атәылауааи ирласӡаны рхақәиҭтәразы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.