Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Аполитикатә мчқәа  ирыдҳәалоу агәыҧқәа атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа рыбжьқәеи рсахьақәеи ахархәара ахьрымоу анҵамҭа ҧаршеиқәа раларҵәара ргәы иҭоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Аполитикатә мчқәа  ирыдҳәалоу агәыҧқәа атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа рыбжьқәеи рсахьақәеи ахархәара ахьрымоу анҵамҭа ҧаршеиқәа раларҵәара ргәы иҭоуп

 

Иҳауз аинформациа ала, аполитикатә мчқәа  ирыдҳәалоу агәыҧқәа, Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа раҧхьа,  иҧсабаратәым аинтеллекти егьырҭ ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи рхы иархәаны,  анҵамҭа ҧаршеиқәа раларҵәара ргәы иҭоуп, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭақәа рҿы атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа рыбжьқәеи рсахьақәеи ахархәара рымазаауеит.

„Аҳәынҭқарра ашәарҭадареи атәылауаа рҭынчреи ахьчаразы,  ажәлар идҳардыдыр ҳҭахуп аинформациа ҿыц шҳауз,  уи инақәыршәаны,  аполитикатә мчқәа  ирыдҳәалоу агәыҧқәа, Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа раҧхьа,  иҧсабаратәым аинтеллекти егьырҭ ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи рхы иархәаны,  авидеои аудиои анҵамҭа ҧаршеиқәа раларҵәара ргәы иҭоуп,  зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭақҟәа рҿы атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа рыбжьқәеи рсахьақәеи ахархәара рымазаауеит.

Арҭ  анҵамҭа ҧаршеиқәа раларҵәара хықәкыс иамоу атәыла анапхгара рыбжьарагьы анапхгареи ауахәамеигьы  аимак рыбжьаҵареи, атәыла анапхгареи мраҭашәаратә партниорцәеи реизыҟазаашьақәа рырцәгьареи.

Зыӡбахә ҳәоу анҵамҭа ҧаршеиқәа зырмазеиуа ауааҧсыра арҭ анҵамҭақәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҟынтә  иацәцазшәа аадырҧшыр рхаҭуп, убри ала Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адискриминациеи анапхгаратә гәыҧқәа аимак рыбжьаҵареи рҽазыркуеит.

Ҳара зыӡбахәы ҳәоу агәыҧқәа роуранагӡара хшыҩзышьҭра дула ҳацклаҧшуеит, азакәанеилагара афакт цыҧхьаӡа азакәан ала иазҧхьагәаҭоу ақәҿыҭра ҕәҕәа  аиуеит“, – иануп аҳәамҭаҿы.