Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, аурыс ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Далҭа иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Зураб Лобжаниӡе ихы дақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, аурыс ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Далҭа иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Зураб Лобжаниӡе ихы дақәиҭуп

Аурыс ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Далҭа иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Зураб Лобжаниӡе ихы дақәиҭуп . Уажәы иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

„Зураб Лобжаниӡе  ихақәиҭтәи апроцессаҿ активла ахархәара рыман Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Амониторингтә миссиа  (EUMM) аҽалархәрала аус зуа  „Ацәаҳәа ҷыда“ амеханизми, иара убас, ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу ахархәагақәеи. Қырҭтәыла анапхгара жәларбжьаратәи партниорцәа еиҧҟьарада аинформациа рырҭон.

Ацентртә напхгара, жәларбжьаратәи партниорцәа рыцырхрааны, активла аусура нарыгӡоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәразы“,- иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.