АҳәМ аусуҩцәа Ромео Миқаутаӡе, Михаил Чохели, Ванои Торникеи Паркаулиааи, Андриа Лилуашвилии урҭ рыуацәеи рыҩнқәа еимырдеит
Иракли Ӷарибашвилии, Гьыргәал Лилуашвилии, Оҭар Ԥарцхалаӡеи урҭ ирымадоу ахаҿқәа рыҩнқәа рҿы аимдара мҩаԥган.
Арҭ ахаҿқәа роуп Ромео Миқаутаӡе, Михаил Чохели, Ванои Торникеи Паркаулиааи, Андриа Лилуашвилии урҭ рыуацәеи рыҩнқәа еимырдеит.
АшәМ аинформациала, иацы жьҭаара 17, асааҭ 10:00 инаркны атәыла аҵакыраҿ аамҭакала 22 ҭыԥ рҿы зымҽхак ҭбаау ауснагӡатә мҩаԥган. Ауснагӡатәқәа мҩаԥган Қарҭи, Дедоплистскарои, Вании, Чохатаурии, Борџьоми араионқәа рҿы. Аимдарақәа мҩаԥган атәылауаа Иракли Ӷарибашвилии, Гьыргәал Лилуашвилии, Оҭар Ԥарцхалаӡеи Ромео Миқаутаӡе, Михаил Чохели, Ванои Торникеи Паркаулиааи, Андриа (Сандро) Лилуашвилии урҭ рыуацәеи. Ҳзыхцәажәоу ауснагӡатә рхы иаладырхәит Қырҭтәыла апрокуратуреи АшәМ-и 230-ҩык раҟара аусуҩцәа.
Аимдараан иԥшаауп ахьымаҭәеи, адокументқәеи, 7 002 200 адоллари 136 000 ларии, 198 цыра ахьымаҭәеи асааҭқәеи, зыхә ҳараку асахьаҭыхымҭақәеи, адокументқәеи, 50 амобилтә ҭелқәеи, 119 аеоектронтә хархәагақәеи. Қырҭтәыла апрокуратуреи АшәМ-и арҭ адокументқәеи аелектронтә хархәагақәа рҿы иҟоу аинформациеи аинтенсивтә режим аҿы аҭҵаара рзымҩаԥыргоит”, – аарыцҳаит АҳәМ аҟынтә.