Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, ҭыҧқәак рҿы аҧша ҕәҕәа асуеит
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, ҭыҧқәак рҿы аҧша ҕәҕәа асуеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, ҭыҧқәак рҿы аҧша ҕәҕәа асуеит .
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, лаҵара 19 – 21 рзы Қарҭ ақәа леиуеит. Шьыбжьон +20, +22 градус ҟалоит.
Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы — Баҭыми, Қобулеҭии, Анаклиеи, Ҧуҭи — ақәа леиуеит. Шьыбжьон +18, +20 °C ҟалоит.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла адәкаршәраҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон +20, +22 градус ҧхаррахоит.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхараҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон +18, +20 °C градус ҟалоит.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы ақәа леиуеит, имацәысуеит. Шьыбжьон аҳауа атемпература +13…+15 °C. градус иаҟарахоит.