Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ԥхынҷкәын 16-17 рзы Қырҭтәыла  ақәа леиуеит, ашьхаҿ асы леиуеит, ԥхынҷкәын 18 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ԥхынҷкәын 16-17 рзы Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхаҿ асы леиуеит, ԥхынҷкәын 18 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ҧхынҷкәын 16-17 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ԥхынҷкәын 16-17 рзы Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхаҿ асы леиуеит, ԥхынҷкәын 18 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.

Қарҭ аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Шьыбжьон  +6, +8 градус ҧхаррахоит.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  (Баҭымы, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) ԥхынҷкәын 16 рзы ақәа леиует, аҧша асуеит, ԥхынҷкәын 17-18 рзы амш еилгоит. Аҳауа аԥхарра +6, +8 °C иаҟарахоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла  (Зесҭафони, Қәҭешь,  Самтредиа,  Жәыргьыҭ,  Мартвили,  Озургеҭи) ԥхынҷкәын 16 рзы ақәа леиует, аҧша асуеит, ԥхынҷкәын 17-18 рзы амш еилгоит. Аҳауа аԥхарра +9, +11 °C иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра ҽынла +7, +9°C иаҟарахоит.