Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ԥхынҷкәын 12-14 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа  ҟалоит, асоура иаҿызаауеит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ԥхынҷкәын 12-14 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, асоура иаҿызаауеит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ԥхынҷкәын 12-14 рзы Қырҭтәыла амш зеиԥшрахо аанацҳаит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақә рыла, ԥхынҷкәын 12-14 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа  ҟалоит, ашьхара – асоура иаҿызаауеит, асыҭҳәа ҟалоит, амшын аҿы 4-5 балл иаҟароуп ашторм.

„Аҳауатә лышәшәақәа рымшала, Мраҭашәаратә Қырҭтәыла аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә ҭыҧқәа рҿы адгьылҳәазареи аҩари иазыҧшуп“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара  амилаҭтә агентра аинформациаҿы.

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә маҵзура адыррала, асоуреи, асыҧса ашәарҭареи амшала, мҩақәак рҿы аҧкрақәа шьақәдыргыргылар ҟалап.