Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, лаҵара 14-15 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аҳауа аԥхарра лаҟәоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра лаҵара рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.
Асиноптикцәа ишаарыцҳауа ала, лаҵара 14-15 рзы амш шәшьуеит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, адыди амацәыси. Мрагыларатә Қырҭтәыла акырцх ҟалоит, аӡиасқәа хыҵыр ауеит.
“Ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә ҭыҧқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап (ашәарҭа аҩаӡара – абжьаратә)”, — иануп аинформациаҿы.