Аҳақьым Гиорги Григолиа - Саакашвили иҭагылазаашьа цәгьоуп ҳәа сызҳәом, ара арҭ амшқәа рзы ицәгьахар ҟалоит
Саакашвили дымлашьуеит, уа иҟоу рыззегьы ари шьақәдырӷәӷәоит, – иҳәеит Жәлар рыхьчаҩ иофис аԥнаҵаз агәыԥ алахәыла, аклиника “Иаарту агәы” ахаҭарнак Гиорги Григолиа 18-тәи аусҳәарҭа данҭыҵ ашьҭахь.
Аҳақьым иажәақәа рыла, уажәы Саакашвили ареанимациатә уснагӡатәқәа изымҩаԥгатәым, аха аинтенсивтә терапиа изымҩаԥгатәуп.
“Саакашвили дымлашьуеит, уа иҟоу рыззегьы ари шьақәдырӷәӷәоит. Иҭагылазаашьа даара цәгьоуп ҳәа сызҳәом, ара арҭ амшқәа рзы ицәгьахар ҟалоит, анализқәа рҿы аиҭакрақәа иубарҭоуп. Уажәы Саакашвили ареанимациатә уснагӡатәәа изымҩаԥгатәым, аха аинтенсивтә терапиа изымҩаԥгатәуп. Аха уажәы дахьыҟоу аусҳәарҭаҿы аинтенсивтә терапиа амҩаԥгара алшара иҟам.
Сгәаанагарала, абри еиԥш апациент ари аусҳәарҭаҿ дыҟамзароуп,” – иҳәеит аҳақьым.