Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара - Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аҧырра-атәаратә цәаҳәа ҿыц аргылара апроцесс активла нагӡоит
Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аинформациала, Давид Аӷмашенебели ихьӡ зху Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аҧырра-атәаратә цәаҳәа ҿыц аргылара апроцесс активла нагӡоит
Аусҳәарҭа аинформациала, Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ идыргыло аҧырра-атәаратә цәаҳәа ҿыц 3.5 километр аура амоуп. Ари ацәаҳәа ахархәара иалагоит 2026 шықәсазы, убри анеҩс уаҟа иарбанзаалак апассаџьыртәии аидаратәи ҳаирпланқәа рыдкылара рылшоит.
240 млн лари ззоушьҭу аргыларатә усурақәа рышьҭахь Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза аинфраструктура иацлоит аҳаирпланқәа рзы ашьҭыԥраарақәа 4, аҳаирпланқәа рыргыларҭақәа рхыҧхьаӡара азҳауеит 17 рҟнынӡа.