Аҳәаахьчаратә полициа хаҭарнакцәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа агәыԥтә аилагаразы ҩыџьа атәым атәылауаа ааныркылеит
Аҳәаахьчаратә полициа хаҭарнакцәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа агәыԥтә аилагаразы ҩыџьа атәым атәылауаа ааныркылеит

АҩАР Аҳәаахьчаратә полициа хаҭарнакцәа Баҭымтәи аҟәша аҳәаатә сектор “Сарԥи” ахҵәахаҿ, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа агәыԥтә аилагаразы ҩыџьа атәым атәылауаа – 1990 шықәсазы ииз М.С-и,  1999 шықәсазы ииз М.Е-и ааныркылеит.

Аусԥшаара аан ишеилкааз ала, ахара здоу ахаҿқәа, аҳәаахьчаратә пункт икәшаеы, Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра аҟынтәи изакәанымкәа Қырҭтәылаҟа гәыԥла аиасра рҽазыркит.

Аусԥшаара мҩаԥысуеит Қырҭтәыла Ашьауӷа закәанеидкыла 344-тәи ахәҭаҷ, 2-тәи ахәҭа, “а” апунки инақәыршәаны, уи 5 шықәса рҟынӡа абахҭаҿы аҭакра азԥхьагәанаҭоит.