Агәыԥтә амч ахархәара аиҿкаареи, уи аҽалархәреи рзы ааҩык аҭакра рықәҵан
Агәыԥтә амч ахархәара аиҿкаареи, уи аҽалархәреи рзы ааҩык аҭакра рықәҵан

Агәыԥтә амч ахархәара аиҿкаареи, уи аҽалархәреи рзы ааҩык аҭакра рықәҵан. Арҭ ахаҿқәа роуп Звиад Цецхлаӡе, Васил Каӡелашвили, Веԥхиа Касраӡе, Иракли Миминошвили, Инсаф Алиев, Ҭорнике Гошаӡе, Николоз Џьавахишвили, Гьаргь Гиоргаӡе.

Адукатцәа ражәақәа рыла, иаанкылоу ахаҿқәа ахарадҵара иақәшаҳаҭым, урҭ аҿымҭра зин рхы иадырхәоит.

Адукатцәа ишаарыцҳаз ала, аӡбарҭа адгалаз авидеонҵамҭа амонтаж азуун, уи апроцесс аҿы иазыԥхьагәаҭатәым, аҩнқәеи аофисқәеи рҟны иԥшааз Молотов икоктеильқәеи егьырҭ азакәанҿагыларатә маҭәарқәеи арҭ ахаҿқәа иртәым ҳәа.