Қырҭтәыла имҩаҧысуа амилаҭрацәалатә арратә азыҟаҵарақәа рҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, ақырҭуеи америкатәи арратә маҵзуҩцәа аҳаир-десанттә арратә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргеит.
Вазиани арратә ҳаирбаҕәазаҿы имҩаҧгаз азыҟаҵарақәа ирылахәын Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа рыруааи, Европеи Африкеи иҟоу америкатә арбџьармчқәеи, Европа иҟоу Америка Аҳаиртә арратә мчқәеи. Азыҟаҵарақәа раан ахархәара рыман америкатә ҳаирпланқәа C-130 Hercules.
Аҳаирпланқәа C-130 германтәылатәи абаза Rammstein гыларҭас ирымоуп. Қырҭтәыла имҩаҧысуа азыҟаҵарақәа раан арҭ аҳаирпланқәа Алексеевка иҟоу абазаҿы игылоуп.
Апарашиутқәа рыла аҧара аан аруаа Agile Spirit 2021 иалахәы атәылақәа рбираҟқәа еиҵырхит.