Агәабзиарахьаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аинформациала, Газа асектор аҿы имлашьуа ахәыҷқәа иԥсуеит
Агәабзиарахьаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аинформациала, Газа асектор аҿы имлашьуа ахәыҷқәа иԥсуеит

Агәабзиарахьаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аинформациала, Газа асектор аҩадатәи ахәҭаҿы имлашьуа ахәыҷқәа иԥсуеит. Ари ааицҳаит аиҿкаара адиректор Тедрос Аданом Гебреисус.

Гебреисус иажәақәа рыла, Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара жьҭаара ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Аль-Авдеи Қамал-Адвани рыхәшәтәырҭақәа ирҭааит.

“Имлашьуа ахәыҷқәа иԥсуеит. Абылтәи, афатәи амедицинатә аибыҭареи рымам, ахәшәтәырҭақәа рхыбрақәа еилаҳа́уп. Аҩадатәи Газаҿ 300 000-ҩык инхоит, урҭ афатәи аӡи рымаӡам. Афатә ахьырзымхо аҟынтә жәаҩык ахәықәа иԥсит”, – иҳәеит Тедрос Аданом Гебреисус.