Афымцамҩангагатә цәаҳәа „Имереҭи“ аусура еиҭашьақәыргылоуп

Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә афымцатә система аинформациа инақәыршәаны, афымцамҩангагатә цәаҳәа  „Имереҭи“ аусура еиҭашьақәыргылоуп.

Қырҭтәыла арегионқәа зегьы афымцатә сисиема аҟынтә уажәшьҭа афымца роуеит.

Иахьа, асааҭ 18:11 рзы, амашәыр амшала,  500 квт. амч змоу афымцамҩангага  „Имереҭи“ аусура иаҟәыҵит, убри аҟынтә атәыла регионқәак аамҭала афымца рымамызт.  Уажәазы афымцамҩангага ирҽеиуп, ахархәаҩцәа зегьы афымцала еиқәыршәоуп.