Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 812-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 812-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 812-ҩык рҟынӡа инаӡеит, 2800-ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

6.0 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра амҽышаҽны, аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 23:46 рзы ҟалеит. Аепицентр Џьелалабад 27 км иацәыхараны иҟан.

Имҩаԥысуеит аиқәырхара-аԥшааратә уснагӡатәқәа. Атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала, Кунар апровинциаҿ иҟоу хқыҭак бгеит, қыҭак аҿы 30-ҩык ҭахеит, шәҩыла ахәшәтәырҭахь инагоуп.