Афермерцәа қьырала ирымоу  адгьылҭыҧқәа  аархәар рҭаххар,   25% ахә рзагрыжьуеит
Афермерцәа қьырала ирымоу  адгьылҭыҧқәа  аархәар рҭаххар,   25% ахә рзагрыжьуеит

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр наҭиа Турнава ишылҳәаз ала, кьырала адгьылҭыҧ змоу афермерцәа, адгьыл аахәара рҭаххар, азинҷыдақәа роуеит. Лымкаала,  усҟак идуум адгьылҭыҧ қьырала измоу афермерцәа, абри адгьылҭыҧ аархәар рҭаххар,   25% ахә рзагрыжьуеит. Абри азинҷыда рыдкьыслоит кьырала адгьылҭыҧқәа змоу  2000ҩык раҟара ауааҧсыра.
Турнава ишылҳәаз ала, ари аӡбра рыдыркылеит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

«Иахьа   аиҳабыра, қьырала адгьылҭыҧқәа змоу  афермерцәа ирыхәаша аӡбара рыдыркылеит.  Раҧхьа иргыланы, афермерцәа абарк аҟынтә акредит агареи хазхаҭатәи аинвестициақәа рыдыҧхьалареи, аҳәынҭқарратә программақәа рхархәареи  рылшоит. Абри азинҷыда рыдкьыслоит кьырала адгьылҭыҧқәа змоу  2000ҩык раҟара ауааҧсыра.  Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара  ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рхархәара алшара аизырҳара иазкуп, уи аекономикатә аҿиареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи иацхраауеит», — илҳәеит Наҭиа Турнава.