Афашизм аҵархара инаркны 77 шықәса аҵра азгәаҭара Аветеранцәа рпарк аҿы [афото]
Афашизм аҵархара инаркны 77 шықәса аҵра азгәаҭара Аветеранцәа рпарк аҿы [афото]

Афашизм аҵархаара амш инаркны  77 шықәса ҵит. Иахьа шьыжьымҭан Аветеранцәа рпарк аҿы ауааҧсыра рацәа еизеит.  Уааҵәҟьа иҟан аҧыза-министри, аиҳабыра алахәылацәеи, апарламент ахантәаҩи, адепутатцәеи, Аҷара аиҳабыра рхантәаҩи. Дара аветеранцәа иахьатәи амш рыдырныҳәалеит.

Аҩбатәи адунеитә еибашьра хыркәшан 1945 шықәса лаҵара 8 рзы.   Лаҵара  9 афашизм аҵархара мшны ирыларҳәеит. Аҩбатәи адунеитә еибашьраан Қырҭтәыла ацәыӡ ду аиуит  —  иҭахеит  300 нызқьҩык раҟара аруаа.

Қырҭтәыла инхоит  Аҩбатәи адунеитә еибашьра 173ҩык аветеранцәа, зегьы иреиҳабу  103 шықәса ихыҵуеит.