Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, иахьа инаркны иаԥыххо аԥҟрақәа
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, иахьа инаркны иаԥыххо аԥҟрақәа

Аусбарҭабжьаратә кооринациатә хеилак аӡбамҭаинақәыршәаны, иахьа инаркны ԥҟрақәак аԥыххоит. Арҭ амшқәа рзы аәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа етапла раҧыхра аплан шьақәырҕәҕәан аҧыза- министр  инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә кооринациатә хеилак аилатәараҿы.

Лымкаала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, аҧкрақәа етапла иаҧыхзаауеит:

• жәабран 1 инаркны:

1. Баҭыми, Жәыргьыҭи, Гории, Ҧуҭи, Ҭелавии аусура еиҭалагеит

• амуниципалтә транспорт,

• ашколқәа,

• адәқьанқәеи ахәаахәҭратә центрқәеи;

2. Қарҭи, Қәҭешьи, Русҭавии

• жәабран 1 инаркны адәқьанқәеи ахәаахәҭратә центрқәеи аусура еиҭалагеит;

• ашколқәеи амуниципалтә транспорти аусура иалагоит хәажәкыра 1 инаркны, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны;

3. Ақалақьқәа зегьы рҟны иаартуи иаркуи аџьармыкьақәа аусура иалагоит жәабран 15 инаркны.

4. Аҷара авирус аҿкаара аҵоурара 7мштәи арбага 4% аҵкыс илаҟәуп, убри аҟынтә, жәабран 1 инаркны, Аҷара, акрыфаратә обиектқәа рҿы, иаарту ақәыҧшылараҿы асасцәа рыдкылара иалагеит. Аха, ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, егьырҭ асоциалтә уснагӡатәқәеи рзы ишьақәыргылоу ақәыиҭымтәра амч амазаауеит.

5. Егьырҭ арегионқәа рҿы аресторанқәеи акрыфаратә обиектқәеи, асасааирҭақәа рҿгьы, уажәтәи арежим аҿы аусура нарыгӡоит – адәылгара-анагара асервис ала.

6. Ахәыҷбаҳчақәа раартреи, иара убас, азанааҭтәи иреиҳаӡоуи аҵаратә усбарҭақәа рҿы астудентцәа аудиториақәа рышҟа рынашьҭреи иалагоит хәажәкыра 1 инаркны.
Иара убас,

• хәажәкыра 1-нӡа атәылаҿы амч амазаауеит асааҭ 21:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра.

• Аиҭаҵра аизырҳара акомпенсациа амзызла, жәабран азы, асабшеи амҽышеи рзы, амуниципалтә транспорт аус ауам, аресторанқәеи акрыфаратә обиектқәеи, адәқьанқәеи аус руеит адәылгара-анагара асервис мацарала; ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәеи, афатәаалыҵ адәқьанқәеи, аҟашәа адәқьанқәеи, аҧтекақәеи аусура нарыгӡоит абжьааҧнытә режимла, иашьашәалоу аҧҟарақәа инрықәыршәаны.
• Егьырҭ аҧкрақәа зегьы амч рымазаауеит, ашәаҩатә курортқәа рҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәагьы инрылаҵаны.

• Уажәтәи аетап азы аҧкрақәа аанхоит ақалақьбжьаратә транспорт аусураҿгьы.
• Асабрада аныҟәгареи, ахархәаҩцәа реишьҭацеи, реишьҭагылареи, адистанциа ахьчареи хымҧада ҕәҕәала иахылаҧштәуп.

• Аҧкрақәа етапла раҧыхра аан авирус аларҵәара аанкылара амзызла, абизнес ахаҭарнакцәа дара русзуҩцәа атестқәа рзыҟаҵара ируалуп.

• Абизнесхаҭарнакцәеи аекспертцәеи рҟны аконсультациақәа мҩаҧганы, аепидемиологиатә шәарҭарақәа иазҧхьагәаҭаны, аекономикатә усура цыҧхьаӡазы ишьақәыргылоуп хымҧадатәи атестирра апротоколқәа – аусзуҩцәа рминималтә хыҧхьаӡареи атестирра алассы-лассреи.

• 30-ҩык иреиҳаны аусзуҩцәа ахьыҟоу ахәаахәҭратә обиектқәа зегьы, аџьармыкьақәагьы инрылаҵаны, ес-ҩымчыбжь рыла знык, аусзуҩцәа рҟынтә 20% атестқәа рзыҟаҵара ируалуп;
• Акрыфаратә обиектқәа ируалуп ҩымчыбжь рыла знык аусзуҩцәа 50% атестқәа рзыҟаҵара;
•ҩымчыбжь рыла знык атестирра иахысуеит арҵаҩцәа зегьы.