Аелектронтә технологиақәа раларҵәара ахырхарҭала жәларбжьаратәи аҧышәа аҭҵаара амзызла,   Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи ахаҭарнакцәеи Страсбург иҟан
Аелектронтә технологиақәа раларҵәара ахырхарҭала жәларбжьаратәи аҧышәа аҭҵаара амзызла,   Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи ахаҭарнакцәеи Страсбург иҟан

Аелектронтә технологиақәа раларҵәара ахырхарҭала жәларбжьаратәи аҧышәа аҭҵаара амзызла,   Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи ахаҭарнакцәеи Страсбург иҟан.

Алхратә комиссиа хада апресс-маҵзура адыррала, аусмаҧгатә еиҿкаан  Европа Ахеилак Қырҭтәылатәи аофис ала.

«Ҩымш рыла еиуеиҧшым европатәи аинститутқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла  Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәа рҧышәа рыдаргалон зҵакы дуу абарҭ азҵаарақәа рзы:  Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алхрақәа рыцклаҧшреи амониторинг апроцедурақәеи, аинформациатә шәарҭадареи алхрақәа раан иҧсабаратәым аинтеллект ахархәареи,  ацәымҕратә бызшәа алхрақәа рзы иамоу анырреи, егьырҭ зҵакы дуу азҵаарақәеи», — иануп аусбарҭа аинформациаҿы.

Иара убас, Алхратә комиссиа хада апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ақырҭуа делегациа алахәылацәа   Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алхрақәа рыцклаҧшратә миссиеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбарҭеи рхаҭарнакцәа ирҧылеит.