Аӡбараҿ имҩаԥсыз иахьатәи аилатәараҿ Михеил Саакашвили афатә аалыҵ ахә ацәгьахареи "атәылауаҩратә хыхьчаразы" ацәаҳәа ҷыда аиҿкаареи дрыхцәажәеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә жәмиллион лари аныхра аус азы Қырҭтәыла ԥастәи ахада Михеил Саакашвили ипроцесс мҩаԥысуеит.
Михеил Саакашвили апроцесс анахарала ихы алаирхәит.
Иқәгылараан Михеил Саакашвили афатә аалыҵ ахә ацәгьахара дазааҭгылеит.
„Ҳхарџьқәа ма ахада ихарџьқәа ҳанрыхцәажәо аамҭазы, ақәац 20-25 лари иаԥсоуп, аҟәыд ааларк иаҟарахеит. Арыц ахә хәларк рҟынӡа ишьҭыҵит. Адунеи аҿы ахә мариахеит аха ҳа ҳҿы ацәхәда ааларк иаԥсоуп”, – иҳәеит Саакашвили.
Михеил Саакашвили иажәақәа рыла, иахьа атәылаҿ амобилизациа амазароуп, избан акәзар ашәарҭа ду иҭагылоуп. Саакашвили ишазгәеиҭаз ала, имоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла адиверсиатә гәыԥ иҟоуп, уюр аҟынтә “атәылауаҩратә хыхьчаразы” ацәаҳәа ҷыда иаԥҵатәуп.
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә жәмиллион лари аныхра аус азы ахара идуп аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура ԥасатәи аиҳабы Ҭемур Џьанашиа.