Адунеитә банк апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла 1000 цыра аҵәыҵәри аконцертраторқәа аиуит
Адунеитә банк апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла 1000 цыра аҵәыҵәри аконцертраторқәа аиуит

Агәабзиарахьчара аминистрра аинофрмациа ала, Қырҭтәыла 1000 цыра аҵәыҵәри аконцертраторқәа аиуит. Аминистр Екатерине Тикараӡе ари атәы акоординациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥысыз абрифинг аҿы аалыцҳаит.

Аминистр лажәақәа рыла, аконцентраторқәа реизшара иалагахьеит.

«Иацы атәылашҟа ааҳгеит Адунеитә банк апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иааҳхәаз 1000 цыра аҵәыҵәри аконцертраторқәа. Урҭ арегионқәеи клиникақәеи рҿы реизшара ҳалагахьеит,» – илҳәеит Екатерине Тикараӡе.