Адукат - Иракли Чихлаӡе аҧшыхәратә усура дадҳәалам, аӡбара, иара ихақәиҭра аҧкразы изакәызаалак шьаҭак амам
Адукат - Иракли Чихлаӡе аҧшыхәратә усура дадҳәалам, аӡбара, иара ихақәиҭра аҧкразы изакәызаалак шьаҭак амам

Аҧшыхәразы ахара зду «Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы кавказтәи аинститут»  адиректор Иракли Чихлаӡе идукат иҳәамҭала, Чихлаӡе аҧшыхәратә усура дадҳәалам.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амазҵура данҭыҵ адукат Гьаргь Гелхаури ишиҳәаз ала, иара аус амаӡара ахьчаразы адокумент инапы аҵаиҩит, убри аҟынтә, аус адетальқәа дызрылацәажәом.

Иара убас, адукат ишазгәеиҭаз ала, ари аус аҿы аҧшыхәреи атәыла аинтересқәа рҧырхагахареи шьақәзырҕәҕәо ашаҳаҭгақәа иҟам. Убри аҟынтә, аӡбара, Иракли Чихлаӡе  ихақәиҭра аҧкразы изакәызаалак шьаҭак амам.